s-1
| Абгахәыҷи Аҵысҕреи |
s-2
| Бнарак аҟны амҩахәасҭа ианыланы инеиуан Абгахәыҷы . |
s-3
| Амла иакуан , џьара фатәык аҧшаара иашьҭан . |
s-4
| Ус алаҧш иныҵашәеит амыҕра илатәаз Ҵысҕрак . |
s-5
| Ақьышә абыз инықәнашь-аақәнашьит уи анаба , аҿаҵагьы аӡы аауа иналагеит . |
s-6
| Адгьыл аҟны инкаианы , ашьҭыбжь мыргаӡакәа иаҩаӡо аҿынанахеит . |
s-7
| Акыр ианазааигәаха , инамҵасны иакит . |
s-8
| Акыр иҧаҭҧаҭит , аҽаҟьеит , аҽамнахырц иалагеит Аҵысҕра . |
s-9
| Аха Абгахәыҷы уи аунажьуамызт , ахаҧыцқәа иркылакны иакын . |
s-10
| Аҵысҕра еилнакааит мчыла Абгахәыҷы ишзацәымцоз . |
s-11
| – Ҳаи , уара , Абгахәыҷы , иухьзеи абаак ? ! – иҷырҷыруа абас иаацәажәеит Аҵысҕра . |
s-12
| – Иууазеи , џьара ашәак схымҳәааӡакәа суфома ? ! |
s-13
| Ус ахымҩаҧгашьа унаалом , ҧхашьароуп , ламысдароуп ! – аҳәеит . |
s-14
| Аҵысҕра иаҳәаз ажәақәа иаарызхәыцит Абгахәыҷы . |
s-15
| Уеизгьы шьҭа сара истәуп , исцәызгозеи , џьара ашәак нахҳәааны исфап ҳәа иаахәыцит . |
s-16
| Аҵысҕра уи ахы иархәаны , Абгахәыҷы инаҿыҵҧраан , инеины аҵла амахә инықәтәеит . |
s-17
| Иҟалаз џьашьахәыс ишьҭнахит Абгахәыҷы . |
s-18
| Хыхь иқәтәаз Аҵысҕра иаҵаҧшуа , аблақәа таҧ-таҧуа иаагылеит . |
s-19
| – Закәызеи уара , сара ашәа сҳәоит , уара уцаны амахә уқәтәеит . |
s-20
| Измааноузеи иҟауҵо ? – аҳәеит . |
s-21
| – Измааноу умбои , сыхаара Абгахәыҷы ! |
s-22
| Уара уашәа нагӡала , сара абрантәи сузыӡырҩлоит . |
s-23
| Уашәа ушаалгалак , сҧырны сузлеиуеит , – аҳәеит Аҵысҕра ахьықәтәаз . |
s-24
| Абгахәыҷы Аҵысҕра иаҳәаз ааханаҵан , абжьы ҷахьаӡа инҭганы , ашәаҳәара иналагеит . |
s-25
| Аҵысҕра ахьынаҧшуаз иаагәанаҭеит , шәарыцаҩык ила иманы дшааиуаз . |
s-26
| – Иҵегь убжьы ҭга ! |
s-27
| Иҵегь , иҵегь ! – абас Абгахәыҷы иазҿнаҭуа иалагеит Аҵысҕра . |
s-28
| – Шәит , шәит ! |
s-29
| Уласны уҿааха ! – абас ала абжьы нақәнаргеит усҟан Аҵысҕра . |
s-30
| Ишьҭхысаа абна илаланы аҿаанахеит ашәарыцаҩ ила . |
s-31
| Ишааиуаз иаадгылеит ашәаҳәара иаҿыз Абгахәыҷы . |
s-32
| Ашәаҳәара иааҟәыҵит уи нахыс . |
s-33
| Аҧсы агарц инаҵҟьеит . |
s-34
| Ала уи инахьӡан , аҵыхәа инамҵасны илышьҭагәа иакит . |
s-35
| Аҵысҕра уи нахыс иаацәырнагеит « Ажәеиҧшьаа рашәа » . |
s-36
| Ала иаҿаҵахәхеит Аҵысҕра зфарц зҭахыз Абгахәыҷы . |
s-37
| Абас маанала аҧсы еиқәнархеит Аҵысҕра . |
s-38
| Абызкаҭаҳаи Амҵи |
s-39
| Ҩнык аҟны Абызкаҭаҳа акаҭа аҳара иаҿын . |
s-40
| Уи аамҭазы иаартыз ахышә ала иааҩнаҧрит Амҵ . |
s-41
| Акыр ауада иҩнагьежьит , џьара фатәык аҧыхьашәозар ҳәа , аха акгьы абомызт . |
s-42
| Ус алаҧш иааҵашәеит Абызкаҭаҳа . |
s-43
| – Бзиара убааит , сыхаара ! – аҭак ныҟанаҵеит Абызкаҭаҳа . |
s-44
| – Узҿузеи уа ? |
s-45
| – Акаҭа сҳауеит . |
s-46
| – Иазууазеи ? – зегьы адырырц аҭахын Амҵ . |
s-47
| – Иазызуазеи , санааҧсалак – сналатәоит . |
s-48
| Шаҟа иссиру удыруандаз , сашьа ! |
s-49
| – Иҵабыргны иуҳәома ? ! – иааџьанашьеит Амҵ иаҳаз . |
s-50
| – Закәызеи уара ? ! |
s-51
| Зныкыр амц сҳәо уаҳахьоума , иуцәажәашьоузеи ? ! – ҽыргәаа ҟанаҵеит Абызкаҭаҳа . |
s-52
| – Саҭоумҵан , амарџьа ! |
s-53
| Угәы нсырхарц зынӡаскгьы сгәы иҭаӡамызт … |
s-54
| Исзымдыруа сазҵаауан ауп , – аҭамзаара нышьҭанаҵеит Амҵ . |
s-55
| – Иуадаҩым . |
s-56
| Иузымдыруа уазҵаар – ҧхашьараӡам … |
s-57
| Нас , уааи арахь , ҳааидтәаланы ҳнеицәажәап , сыҧсшьарҭагьы убап , – акыр аҽаргәыбзыҕит Абызкаҭаҳа . |
s-58
| Амҵ агәы ааҧшқахан , уаанӡа иахьадтәалаз аҭӡамц иаадҵны , знык аҟара ауада иааҩнаҧрын , акаҭа шыҟаз ахь аҿынанахеит . |
s-59
| Сыкаҭа тата уналатәа , уҧсы ушьап , акгьы ҳнацҳап , – ҳәа ааҧхьара иаҿын Абызкаҭаҳа . |
s-60
| Абызкаҭаҳа ари аҟара анаҳәа , сыҧсгьы аасшьап , акгьы снацҳап , аҳәан Амҵ , ишиашаз хаха инеины акаҭа инылатәеит . |
s-61
| Уи акәхеит , иҳәыҧыӡыҧуа иаалахеит . |
s-62
| Аҟыр-ҟырҳәа иааччеит усҟан Абызкаҭаҳа . |
s-63
| Иаҳахьаз акаҭа инахьынҳаланы Амҵ иназааигәахан , ахаҧыц ҵарқәа наланаҵеит . |
s-64
| Уаҳа акгьы алымшеит Амҵ гаӡа , аҧсрагьы убри акәхеит . |
s-65
| Адәыбга ҵыхәакьаҿ |
s-66
| Дәыбгак зны лақәак иркын , аҵыхәа хырҵәеит , аха иара рыцәцеит . |
s-67
| Аҩызцәа зегьы уи анырбалак , « Ҵыхәакьаҿ , Ҵыхәакьаҿ » ҳәа иахыччон . |
s-68
| Уи агәаҧхомызт иара . |
s-69
| Зны ӡын цәгьак ҟалеит , афатәгьы маҷхеит . |
s-70
| Бгас иҟаз зегьы рҽааизганы , афатә азы еидашшыло иштәаз иаарыдгылт Ҵыхәакьаҿ . |
s-71
| – Ишәыхьзеи ? – ҳәа иразҵааит аҩызцәа . |
s-72
| Амла иакны ишынҵәоз , иҟаҳҵарызеи ҳәа ишеилацәажәоз атәы рҳәеит . |
s-73
| – Шәаала , уаха шәызхараҵәҟьа акәтыжь сара ишәҿасҵап , – аҳәеит Ҵыхәакьаҿ . |
s-74
| Абгақәа даара иаргәырҕьеит уи . |
s-75
| Зегь еицны ишнеиуаз , Ҵыхәакьаҿ аҩызцәа ус ранаҳәеит : |
s-76
| Абгақәа зегьы азыразхан , « ибзиоуп » рҳәеит . |
s-77
| Ҵыхәакьаҿ рызынтәык наганы кәытҵарак иакәыршаны иартәеит , иара лҭалан , акәытқәа рыфара иалагеит . |
s-78
| – Ирацәаны иназгоит , шәмыццакын ! – наҳәан , азхараҵәҟьа афеит . |
s-79
| Аҩызцәа ҧшуп , иҧшуп . |
s-80
| Аамҭа ықәҳаны ацара иаҿуп . |
s-81
| Ауха цәгьала иҵаауан , абгақәа зегьы рҵыхәақәа аҵаа иалашәны иакит . |
s-82
| « Шьҭа иаамҭоуп » аҳәан , инықәгылан , акәыкәыҳәа иҳәҳәеит . |
s-83
| Алақәа Адәыбга абжьы раҳан , иҭрысны рҿаархеит . |
s-84
| Абгақәагьы , алақәа шаауаз анырба , ишәаны иҩаҵҟьан , рҵыхәақәа ныҿжәаны ицеит . |
s-85
| Уи нахыс зегьы ҵыхәакьаҿраа ракәхан , ирзызузгьы рыцәҩашьеит , ршьагьы рзымуит . |
s-86
| Ауаагьы ирҳәоит , ауаҩы игу азы уихымччан ҳәа . |
s-87
| Ашьхыци Ашхырцәаҕьи |
s-88
| Акыр мшы илеиуаз ақәа анааҟәыҵ , амра каххаа иааҧхеит . |
s-89
| Аҧсабарагьы аалашеит . |
s-90
| Амати аажәга , ацха ҟаҵатәуп , – аҳәеит ашьхақәа ран . |
s-91
| – Ҳара ҳмазеиуп ! – еицырҳәеит даргьы . |
s-92
| Иаарласны ашьхымзаҭра инҭыҧрааит ашьхақәа . |
s-93
| Урҭ иреиуаз шьхыцк , ашәҭқәа инарықәтәа-аарықәтәо , амати аизгара ишаҿыз , иаацәырҵит Ашхырцәаҕь . |
s-94
| – Укәыкәы-цыкәуа узҿузеи уара , Ашьхыц ? – ҳәа инаҵааит уи . |
s-95
| – Амати еизызгоит , – аҭак ныҟанаҵеит Ашьхыц . |
s-96
| – Иазууазеи ? |
s-97
| – Ацха ҟасҵоит . |
s-98
| – Ацха ҟауҵоит , аха изуҭахузеи ? – еиҭаҵаауан Ашхырцәаҕь . |
s-99
| – Изуҭахузеи шҧа ? ! – иаҳаз ааџьанашьеит Ашьхыц . |
s-100
| – Ацха шырфо узымдырӡои , Ашхырцәаҕь ? ! |